Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аибашьҩы: Марттәи ажәылара иалахәыз ауаа маҷхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Смыр еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа раан аҭагылазаашьа зеиԥшраз
Рауль Смыр еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа раан аҭагылазаашьа зеиԥшраз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьраан Марттәи ажәылара иалахәыз Рауль Смыр еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа раан аҭагылазаашьа зеиԥшраз.

"Сара Афон-Ешыратәи абаталион ҳәа иҟаз аҩбатәи арота аҟны сыҟан, командирс дҳаман Игор Џьениа. Марттәи ажәылараан ибзианы ҳҽеиҿкааны ҳаҟан. Март 14 ауха ҳара ҳаштаб аҿы ацәажәара ҳаман, уи ауха ажәылара ҳдәықәлоит ҳа. Аха ауха иамуӡеит мзызс иҟалаз сыздыруам. Ҳара дҵас иҳамаз аӡы ҳарны Гречко имҩаду аанкылара акәын, нас ҳашьҭахь ар агәақьҳәа иаауа", — иҳәеит Смыр.

Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны

Асааҭ хԥа рзы, Гречко имҩаду рнапаҿы иааргеит Афон-Ешыратәи абаталион иалаз аибашьцәа.

"Ҳара ҳгәыԥ Аҟәа уахьыҩхало 16 еихагыла змоу аҩны ашьапаҟны ҳнеит, убра ҳҽырмазеины ҳтәаны ҳаршеит", — азгәеиҭеит уи.

Аха изыхҟьазаалакгьы ари ажәылара иаҭахыз ауаа залахәымхеит, уи аҟынтә уи алҵшәа аимуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0