Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Вахтанг Возба: ҳазцықәгылоз акыр ишыӷәӷәазгьы аиааира агара ҳалҳаршеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Иаирума" асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба
Иаирума асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербург хәажәкыра 16 - 19 рзы имҩаԥысуан XXIII Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Праздник детства".

Хәажәкыра 16 — 19 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз XXIII Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Праздник детства" аҟны аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны иеиҿкаау ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Иаирума" актәи аҭыԥ ааннакылеит (аноминациа "Танцевальное творчество").

Вахтанг Возба дазааҭгылеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль

Абри атәы ҳзааицҳаит астудиа асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба.

"Ари афестиваль изныкымкәа ҳҽалаҳархәхьеит. Уажәы азы аколлективқәа даара ирацәан. Ҳазцықәгылоз акыр ишыӷәӷәазгьы аиааира агара ҳалҳаршеит", — иҳәоит акәашацәа хәыҷқәа дырзыгәдууа Вахтанг Возба.

Аԥснытәи акәашацәа афестиваль ахь инаргеит акәашарақәа ҩба: "Абхазский перепляс" "Абхазская горянка".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0