Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мзиа Беиаԥҳа: Гиви Агрба аԥсуа хаҵа ишиаҭәаз еиԥш аӷьеҩҳәа дыҟан

© SputnikАԥсны афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа Гиви Агрбеи лареи реибадырра дазааҭгылеит
Аԥсны афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа Гиви Агрбеи лареи реибадырра дазааҭгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афырхаҵа Гиви Агрба диижьҭеи 80-шықәса аҵра инамаданы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аԥсны афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа арадио Sputnik аҟны лгәалашәарақәа дырзааҭгылеит.

Мзиа Беиаԥҳа лажәақәа рыла, Гиви Камыгә-иԥа Агрба иааигәаны дахьылдырыз Аԥсны аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь ауп.

"Аибашьраан ҳаиқәшәон ахырӷәӷәарҭақәа рыҟны, аха ус еибашьышьа аҷыдарақәа срылацәажәартә еиԥш исыздыруам, сара ԥсыуа хаҵак аӷьеҩҳәа зыбжьы зыргоз иакәны дыздырит аибашьра ашьҭахь. Аполитикатә ԥсҭазаара ихы бзианы иалаирхәон", — ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.

Аԥсны афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа Гиви Агрбеи лареи реибадырра дазааҭгылеит

Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара Аҟәа ахьчара аиҿкаара хадара азиуан. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа.

Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0