Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Тҟәарчал араион ахада: аибашьра ҟалаанӡа Тҟәарчал 30 нызқь инареиҳаны ауааԥсыра нхон

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭалҳәеит ақалақь иахьатәи аԥсҭазаара атәы, атуризм аҿиаразы ашьаҭақәеи Аинвестициатә программала еиҭашьақәыргылоуи уҳәа ртәы.

Аида Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла, аибашьра ҟалаанӡа Тҟәарчал 30 нызқь инареиҳаны ауааԥсыра нхон, уажәы 5-нызқь ҩык роуп инхо.

Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ақалақь иахьатәи аԥсҭазаара атәы дазааҭгылеит

"Тҟәарчал иахьатәи аҭагылазаашьа уахәаԥшуазар, аибашьра анеилгаз раԥхьатәи ашықәсқәа аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьын уажәтәи аасҭа. Усҟан аус руан азауадқәа "Аргонавт", "Заря", аремонт-механикатә зауад ҳәа иҟаз. Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Ҭаифун Арӡынба ибзоурала арацәа аҵхра иалаган, исгәалашәоит абиуџьет профицитны ианыҟазгьы. Иаангылеит арҭ азауадқәа. Ҵыԥх аихшьаалақәа иҟарҵаз удыргәырӷьартә иҟаӡам. 61% рҿынӡоуп иахьынӡанаҳагӡаз ҳбиуџьет", — лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0