Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мурман Соломко: аԥсабараҿы зхы иашамкәа имҩаԥызго аштраф ишәароуп

© SputnikАԥсны аҳәынҭқарратә екологиатә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко
Аԥсны аҳәынҭқарратә екологиатә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә екологиатә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко аԥсшьаратә сезон алагамҭазы дазааҭгылоит ҳтәылаҿы аекологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

"Аԥсны зехьынџьара ирацәоуп аҭыԥ ԥшӡарақәа, араианқәа зегьы аԥсшьаҩцәагьы аҭаауа иалагеит, урҭ лассы-лассы аҳауаҿы ирфо амца еиқәҵаны иҟарҵоит, иаанхо аанрыжьуа иалагар уи апроблема ду алҵуеит, аха ус ҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷуп, ирцәаанхо зегьы еизганы агәам-сам ахькарԥсо инаргоит реиҳаарҩык", — иҳәеит Соломко. 

Мурман Соломко аԥсшьаратә сезон алагамҭазы дазааҭгылоит ҳтәылаҿы аекологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы

Иара убасгьы, Аԥсны аҳәынҭқарратә екологиатә хеилак ахантәаҩы иҳәеит, аԥсабараҿы зхы иашамкәа имҩаԥызго аштраф ддыршәар шыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0