Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аркади Џьапуа: ҳазлахәыз аконференциаҿы ҳажәахәқәа хаз шәҟны иҭыжьхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фeлицин ихьӡ зху музеи аҟны лаҵара 31 инаркны рашәара 2-нӡа имҩаԥысит абыжьбатәи Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа «Анфимовские чтения». Аконференциа иалахәын Аԥснытәи археологцәа, аҵарауаа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа иажәақәа рыла, ари аконференциа ес-шықәса имҩаԥысуеит, амузеи аусзуҩцәа алахәуп аҩбатәи аизара аахыс. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаԥхьар ҟалоит абра 

"Хара ҳзы ихадоу, аконференциа ус баша аҽалархәра акәӡам, Филицин ихьӡ зху амузеи- аҳәырԥссара зымҽхак ҭбаау акакәны иҟоуп. Ҳаизарақәа ирылҵшәахеит, иҟаҳҵаз ҳажәахәқәа ирҭбааны, асахьақәа ацҵаны иҭыжьхоит. Уи ашәҟәы аҵарауаа рнапаҿы ирыҭахоит аабатәи Жәларбжьаратәи аконференциаҿы", — ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Аркади Џьапуа Жәларбжьаратәи археологиатә конференциа алҵшәақәа дырзааҭгылеит

Ари аконференциа еиднакылеит Венгриантәи, Румыниантәи, Урыстәылантәи кавказҭҵааҩцәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0