Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Даур Ақаҩба: Женева ирылацәажәан Аԥсны азы аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 20-21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысыз.

 

Даур Ақаҩба Женеватәи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысыз атәы дазааҭгылеит
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа аус руан ҩ-гәыԥкны. Аиҿцәажәарақәа раан ирылацәажәан еиуеиԥшымыз, Аԥсны Аҳәынҭқарраз аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа, ирыхцәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҭагылазаашьа еицакны, Қырҭтәыла ишагәаԥхо еиԥш адунеи ирылазырҵәо жәларбжьаратәи аструктурақәа", —  иҳәеит Даур Ақаҩба.

Изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 41 рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0