Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын: ақәа леицыԥхьаӡа "Акьыԥхь ҩны" аӡы ҩналоит

© SputnikРадио студия Sputnik Абхазия
Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны "Акьыԥхь ҩны" аиҳабы Роман Аргәын Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ԥшьышықәса шҵуа ақәа анлеиуа ахыбра аӡы шыҩнало атәы.
Роман Аргәын "Акьыԥхьтә ҩны" аҭагылазаашьа иазкны

"Аҳәынҭқарра ахада ацхыраара ҳаҭаразы адҵа ҟаиҵеит, аха рыцҳарас иҟалаз аԥара аҟамзаара ауп. Изларҳәаз ала, ахыбра  ҿыц ақәҵаразы иақәхарџьтәуп аа-миллионк аԥара", — иҳәеит уи.

Аргәын иажәақәа рыла, уажәы ауаа русура ауадаҩрақәа маҷымкәа иацуп, аӡы илагыланы аус руеит. Зыхә цәгьоу атехника аӡы ибжьнахыр ҟалоит, иҳәеит уи.

Аԥсны "Акьыԥхь ҩны" аҭагылазаашьа ҭыиҵаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба, уи шәизыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы. 

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра >>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0