Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аибашьра аветеран: ҩажәа нызқь зхы иамыхәо ауаа рызшәара цхыраагӡа духон

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Латария
Даур Латария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхы иамыхәо ауаа, актәи агәыԥ аинвалидцәа ирызшәахо ацхыраагӡа ашьҭыхра хәарҭа дууп аветеранцәа рзы, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥха ҭелла дзыҿцәажәаз аветеран Даур Латариа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Даур Латариа зхы иамыхәо аветеранцәа ирызшәахо ацхыраагӡа иазкны

"Зхы иамыхәо ауаҩы ицхырааша аӡәы дивагылазароуп, аус изуам, иҭаацәа изныҟәгом, иара иаҳа адгылара иҭахуп. Аиҳабыра ирҳәаз рзынагӡар, уи цхыраагӡа духон. Иҟоуп ауаа абри ацхыраагӡа ада изықәгәыӷуа змамгьы", — иҳәеит Латариа.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0