Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҭоурыхдырыҩ: Аԥсны еиуеиԥшым адин ныҟәызго изеицнымхо ҳәа ҟамлац

© SputnikРезо Кация
Резо Кация - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабранмза алагамҭаз иазгәарҭоит еиуеиԥшым адинқәа ныҟәызго рыбжьара еинаалоу аизыҟазаашьақәа рымчабжь. Акыр зҵазкуа адинхаҵара ахырхарҭақәа Аԥсны иҳамоуп, аха дара-дара ак еимаркуа ҳәа иҟам, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны аминистрцәа реилазаара аҟынтә адин зҵаарақәа хылаԥшра рызҭо Резо Кациа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Резо Кациа еиуеиԥшым адинқәа ныҟәызго реизыҟазаашьақәа ирызкны

"Аԥсны ажәытә аамҭа инаркны, 15 инареиҳаны еиуеиԥшым динхаҵара ныҟәызго ауаа нхон, ирыман рхатәы еиланхарҭақәа. Аԥсацәа рхаҭагьы рҽеиҩыршоит ақьырсианцәеи амсылманцәеи ҳәа, урҭ изеицнымхо, ак еимаркуа ҳәа ҟамлац", — иҳәеит Резо Кациа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0