Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аграном ааԥынтәи аусурақәа ирызкны: уажәнатә уалагароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукФедор Тарба
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааԥынтәи аусурақәа ақыҭанхамҩаҿы уажәнатә иалагатәуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны ақытанхамҩа аҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыпуаҩ Фиодор Ҭарба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Фиодор Ҭарба ааԥынтәи аусурақәа ирызкны

"Жәабранмза аҳауа ԥхоуп, ҵыԥх уажәааны асы шьҭан ақыҭанхамҩа иадҳәалоу акгьы узыҟаҵо иҟамызт. Абаҳчаҿы аусура уажәнатә уалагар ауп, избанзар уагхар ҟалоит — аамҭала. Ашәыр хкқәа: аҵәа, аҳа, атама ртәы ҳҳәозар инаамҭо арҵәыгақәа аиур ахәҭоуп. Ацитрусқәа ракәзар- атехнологиа аҽакуп, урҭ аҵлақәа уажәааны урылакьысар ҟалом, аԥхарра бзиа збо ҵлақәоуп аҟнытә. Ахьархьи, аԥҟагақәеи рыла аилыхра уажәааны ииашам. Аԥҟарсҭақәа акыр аамҭа иӷьоит, уажәааны ихыуҵәар аӡы алалоит, амч цоит", —  иҳәеит Ҭарба.  
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0