Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маан Сириа ракетала ааха аҭара иазкны: аҳәынҭқарра дуқәа ауаа рнырҵәара иаҿуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаМаамун Маан
Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 14 асааҭ 3:42 инаркны 5:10 Америкеи Британиа Дуи Франциеи рырратә ҳаиртә мчрақәа Сириа арратәи ауаажәларратәи аобиектқәа аракетақәа рыжәырҵеит. Ари ахҭыс дақәыӡбо Сириантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз Маамун Маан Sputnik Аԥсны ҭелла иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра дуқәа ауаа рныҵәара ишаҿу.
Маан Сириа ракетала ааха аҭара иазкны: аҳәынҭқарра дуқәа ауаа рнырҵәара иаҿуп

"Ари аҳәынҭқарра дуқәа зегьы рус аларҵан, доусы ишырҭаху ала Сириа еихсуеит. Сара излазбо ала, ари еибашьра духеит, ауаа рышьра рацәахеит, Шьамтәыла аибашьра дуқәа ыҟан иҟоуп уажәгьы. Ҳара ҳҭынхацәа, ҳаҳәшьцәа ҳашьцәа, уа иҟоу рхыԥхьаӡара маҷӡам. Абар шьҭа быжь-шьықәса ҵуеит ауаа рнырҵәара иаҿуижьҭеи. Ари даара угәы ҭызшьаауа хҭысуп", — иҳәеит Маан Sputnik Аԥсны акорреспондент даниҿцәажәоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0