Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мамед-оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны: схәыҷқәагьы саргьы ҳаҩырц ҳгәы иҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Мамед-оглы
Астамур Мамед-оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 6 рзы, аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысран иҟоу аспортә усмҩаԥгатә "Аҟәатәи аҩра" атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак Асҭамыр Мамед-оглы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мамед-оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны

"Сызлахәу адистанциаҿы аԥхьа 750 метра иӡсатәуп, нас 20 км маланыҟәала иахыстәуп, уи анаҩс 5 км иҩтәуп. Урыстәылантәи ари ацлабра рха аладырхәырц иаауа аԥышәа ду рымоуп. Ашықәс аҩныҵҟа рҽазыҟарҵоит. Ҳара ус еиԥш аҭагылазаашьа ҳамам. Уажә аԥхаррақәа анышьақәгыла ауп аӡсара ҳаналага", — азгәаиҭеит Мамед-оглы.

Аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак иҳәеит аспорт ауаҩы игәабзиаразы ишхәарҭоу ихаҭа инырит.

"Аспорт хәыҷи-дуи маҷ-маҷ акәзаргьы иаланагалар ауп. Сара схаҭа шықәсыкгьы ҵуам уи схы азыскыижьҭеи. Иазгәаҭатәуп, сгәабзиаразы даара ишхәарҭахаз. "Аҟәатәи аҩраҿы" схәыҷқәагьы иҩырц ргәы иҭоуп", — иҳәеит Мамед-оглы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0