Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: Владислав Арӡынба еснагь ахьӡи ахьымӡӷи дрызхәыцуан

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба игәалашәараҿы дшаанхаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, раԥхьатәи ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩс аус зуаз Руслан Ҳашыг.
"Хра злоу ахҭысқәа": Руслан Ҳашыг Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изкны

"Владислав Григори –иԥа иҟаиҵоз зегьы шьаҭас иаман аԥсуара, аԥсуа гәыцә, иарабанзаалак ахҭыс ԥсуаҵас амҩаԥгара, ҳажәлар рҟны ирҳәало ахьӡи ахьымӡӷи иара изы ихадаран иусураҿы, иԥсҭазаараҿы. Шәазхәыц, ареспубликақәа зегьы рнаԥхгаҩцәа, Урыстәыла аҳәынҭқарра ахада инапы аҵаиҩҩит, Қырҭтәыла аделегациа ахада Шеварнаӡе инапы аҵаиҩҩит аиқәшаҳаҭра (цәыббра 3, 1992-зтәи Москватәи аиқәшаҳаҭра аредак.), зегьы ирҳәон Владислав Григори-иԥа инапы аҵеиҩҩырц, алшара ҳнаҭоит Аԥсны ацхыраара азыҟаҵара, ицо аибашьра аанкылара, даҽа ҩаӡарак ахь анагара ҳәа. Ельцин иаартны иҳәеит иазхоуп, ӡәыр инапы аҵеимыҩҩыр иҭахызар, уи иара иҭакԥхықәраҿы иҟазааит, анаҩс иҟаларц зылшо азы  ихы авба аиҭааит ҳәа. Адунеи аҿы аурыс ҳәынҭқар ииҳәоз, имҩаԥигарц илшоз, иахылҿиаар иҟалоз ибзиаӡаны еиликаауан Владислав Григори-иԥа. Аха еиҭа аԥсшьара рылаҳәаны, ажәақәа ԥшааны, аицәажәарақәа ирылахәыз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, иамуазар архәҭақәа ралгара снапы аҵазҩҩуеит, аха акызаҵәык, сара сақәшаҳаҭхом Аԥсны ахьчара, ҳажәлар рыхьчара инеиз ауаа, урҭ рахьынтә иҭахахьоу ыҟоуп, сыламыс иаҵанакуам, сыжәлар рыхьӡалагьы схы исзаҭәашьом урҭ ауаа рықәыӡбара. Абри апункт сшақәшаҳаҭым ҷыдала азгәаҭа анысҵоит ҳәа иҳәеит. Иара изы убысҟак ахьӡи ахьымӡӷи ҳаракын. Шәааи, ус ҳхаҿы иааҳгап, ганкахьала абри ақәыӷәӷәара изыҟарҵоз дазхәыцны инапы аҵаиҩҩызҭгьы, измырҽеизҭгьы, анаҩс ҳажәлар рзы, иахьатәи амш азы закәытә хьанҭараны инхоз. Ельцин инапы зҵаиҩҩхьаз адокумент аредакциа азыруит. Абри аҩыза аҩаӡара змоу аполитикатә еиҿцәажәарақәа рҟны, аҳәынҭқар инапы анаҵаиҩҩлак ашьҭахь аредакциа азыруа исмаҳацт. Убри аҟынтәи ҳиааирақәа убра ирылагеит", —ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0