Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гындиа: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иахьазы техникала еиқәыршәоуп

© SputnikСаатбей Гиндия
Саатбей Гиндия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра есышықәса ҳтәыла араионқәа зегьы рҟнытә атехника ҷыда еизганы аҳҭнықәалақь аҿы иӡырыргоит. Иарбан машьынақәоу урҭ рахьынтә иаҳа "иҷыдоу" абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭаиҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Гындиа АҶА имҩаԥнагаз атехника арбара иазкны

"Иҳамоуп лассы-лассы ҳхы иаҳмырхәо, иҷыдоу атехника. Дара зда ԥсыхәа ыҟам ахь иаҵанакуеит. Иуадаҩу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа раан рыда ҳхәарҭам. Иара убас иҳамоуп амаруга ҿыцқәагьы.  Урҭ анҳауа, иара аус адызулаша аспециалистцәагьы аҵара иахысуеит. Иахьа атехникала ҳаиқәшәоуп, аҭагылазаашьа бааԥсы анышьақәгыла аамҭазы ажәлар ҳрыцхраартә иҟоуп", — азгәеиҭеит Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0