Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: мчыла аполитикахь аӡәгьы дузнагом

© SputnikГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә система аҽшԥеиҭаныкыр аку, иарбан формоу иаҳа ианаало, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара атәы иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аԥсны Ахада иусбараҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, аиурист Гиви Габниа.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниа алхратә система иазкны
"Аԥсны алхаратә система формак азыԥшаатәуп. Мчыла политикахь аӡәгьы дузнагом. Ихәыцны, зегьы капантәуп. Иаҳхәап, апартиала ианцо алхрақәа, усҟан апартиаҿы ихәыцуеит, аҳәса рыбжьқәа ҳауроуп, егьырҭ амилаҭқәа рацәазар, урҭ рахьынтә аӡәы асиа данаҳҵап ҳәа. Аха уи ус баша даҭахуп ҳәа акәым, издыруа, акы еилызкаауа иреиӷьу ҳәа ишәаны изаны апартиақәа иалыркаароуп.  Убысҟан ауп алхратә асистема аус анауа", — иазгәеиҭеи Габниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0