Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: Жәларбжьаратәи аҽазыҟаҵарақәа рҟны аԥсуа еиқәырхаҩцәа алкаан

© Sputnik / Томас ТхайцукКвициния Тимур
Квициния Тимур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьи араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра еиҿнакааз Жәларбжьаратәи асалон ишалахәыз.
Кәыҵниа: Жәларбжьаратәи аҽазыҟаҵарақәа рҟны аԥсуа еиқәырхаҩцәа алкаан

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ааигәа иалахәын Ногинск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи асалон "Акомплекстә шәарҭадара 2018". Уи аусура иалахәын 25 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Имҩаԥган убасгьы арбаратә ҽазыҟаҵарақәа. Аԥсуа еиқәырхаҩцәа амҩатә машәыр ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраҟны рхы аадырԥшит.

"Еиуеиԥшым аҽазыҟаҵара хкқәа ыҟан. Аӡы аҟны амашәыр аԥырҟәҟәаара аума, аметро аҟны, адәыӷба аҿы уҳәа аиқәырхаҩцәа рхы аадырԥшуан. Ҳара дҵас иҳаман амҩатә машәыр аан ауаа амашьынақәа рҭыгара убри ииашаны ҳазнеит. Аҽазыҟаҵарақәа ирхылаԥшуаз ахәшьара бзиа арҭеит, иџьаршьартә еиԥш аҷкәынцәа рхы аадырԥшит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0