Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба алитературатә фестиваль "Славянская лира" иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Минск имҩаԥысит жәларбжьаратәи алитературатә фестиваль "Славянская лира". Раԥхьаӡа акәны уи иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәа. Афорум шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.

Ашәба алитературатә фестиваль "Славянская лира" иазкны
"Афестиваль амҩаԥгара хықәкы хадас иамоу ҿыц аҩра иалагазгьы аԥышәа змоу ашәҟәыҩцәа, апоетцәа, адраматургцәа рҩымҭақәа рӡыргара. Иара иалахәын жәаҩа ҳәынҭқарра. Афестиваль аҿы иалацәажәон ашәҟәҭыжьраҿы иҟоу ауадаҩрақәа, уи иамоу, иаҳзымдыруа амаӡақәа. Иахьатәи аамҭазы аредактор иҟамзаара аԥхьаҩцәа ишырԥырхагоу, акорректор бзиа иааӡара шыуадаҩу. Абарҭ азҵаарақәа зегьы ҽнак ҩынтә-хынтә рҽеимданы алекциақәа ирыԥхьон аԥышәа змаз акыр шықәса уи аус запы алаку, издыруа ауаа. Афестиваль алахәылацәа азҿлымҳан аԥсуа литература ашьақәгылашьа, иахьатәи аҭагылазаашьа. Ҳаргьы иҳалшеит аурыс ԥхьаҩ изы аҳамҭа аҟаҵара — Гьаргь Гәлиа, Фазиль Искандер, Еҭери Басариаԥҳа уҳәа урысшәала иҩуа, аԥсуа ҟазшьа, аԥсуа философиа аарԥшра зылшоз",  — ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.   

Ажәабжьқәа зегьы
0