Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа: сыла ихгылоуп Аҳбҩық вертолиотла ицоз аҷкәынцәа

© SputnikВалерий Барганджия
Валерий Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаталион "Горец" аибашьҩы Ахаҵаразы аорден занашьоу Валери Барганџьиа Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 25 шықәса раԥхьа ашьха Аҳбҩық аҟны аҭакԥхықәра зцыз адҵа анагӡараз ишдәықәҵаз абаталион ахәҭак.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ажәыларатә операциа ду анцоз, ԥхынгәы 4, 1993 шықәсазы абаталион "Горец" иалахәыз агәыԥ Аҳбҩық ашьхаҟны вертолиотла итәар акәын.  46-ҩык рҟынтәи 17-ҩык аибашьцәа ирылшеит уаҟа итәаз аӷацәа рмацәаз алҵра, хәҩык хабарда ибжьаӡит.

"Хра злоу ахҭысқәа": Барганџьиа Аҳбиуқ аҭарцәра атәы

 "Исгәалашәоит, еснагь сыла ихгылоуп аҷкәынцәа авертолиот ианақәтәоз. Убасҟаҟ игәырӷьон, абыржәшьҭаҵәҟьа ҳдәықәлоит, иҳаргьежьуеит Аҳбҩық ҳәа.  Уи аԥхьа знык ҳара ҳтәқәа рнапаҟны иааргахьан, аҩынтә раан ауп ианцоз. Аилибамкаара ҟалеит, ҳара ҳтәқәа уа иҟаз џьашьаны ауп авертолиот штәаз, аха уи аамҭазы ақырҭқәа неихьан. Авертолиот рҟәаҟәеит, ҳаҷкәынцәа ҭахеит, зыԥсы згаз уамашәа иубаратәы иҟоуп. Иаакәыршаны аӷацәа ахьтәаз ирабашьны, рмацәаз еимарҟьаны ибжьыҵны ицар акәхеит.

Усҟантәи аамҭазы Аҳбҩық ашьха ҳаракыра мгаӡакәа Аҟәа алалашьа амаӡамызт, Шромагьы Камангьы нкыланы узтәаӡомызт. Горецаа иаанхаз ҩымш-хымш рышьҭахь адҵа ҳарҭеит, шәашьцәа иҭахаз ршьа жәур шәҭахызар, шәца ҳәа. Ҳара ҳцеит ҳашьцәа ршьоуразы.  Ханцоз ӷәҭакыс  иҳамаз, ҳаҷкәынцәа ахлымӡаах иақәзыршәаз аӡәы идымхаргьы рыла аҭаԥшра акәын. Иҭаҳарцәит. Ҳамчқәа еиҟарамызт. Ауха шәлыбаа ҳәа ҳадҵаҟаҵаҩ Вианор Ашба аштаб аҟынтә адҵа ирҭеит. Анаҩс Аҳбиук аанкылара амчқәа акыр еиҳаны ишаҭаххо еилкааны ҳаибашьцәа дәықәҵан», — иҳәеит Барганџьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0