Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа: иаку ашколтә форма ахәыҷкәа еихьымԥшуа, еиҵамшьыцуа еиҟаранатәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюдмила Адлейба
Людмила Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа Sputnik аефир аҟны илҳәеит Аҟәа ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рышәҵатәы азы еилацәажәаны аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа.
Адлеиба: Аҟәа ашколқәа рҵаҩцәа рышәҵатәы азы ҳгәаанагара еиқәшәеит

"Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр аилацәажәара ҟаҵаны адҵа анҳаиҭа ашьҭахь, ақалақь ашколқәа реиҳабацәа зегьы ааԥхьаны хазы ҳаилацәажәеит ҳаргьы. Досу ргәаанагарақәа ҳрызхәыцны ишьақәҳаргылеит. Аҟәа школқәак рҟны иныҟәаргон иаку ашколтә маҭәа. Аҟәа еиԥшу иаку формак, маҭәак ныҟәаргаларц азы зегьы ҳгәаанагара еиқәшәеит. Аԥшшәыла еиқәароу аиаҵәа. Аӡӷабцәа рымаҭәа ахь иаҵанакуеит амаӷра змам ацкы — асарафан акьаҿ шкәакәа аҵаҵаны. Аӡын уи иԥхоу акы аҵарҵар ауеит. Аҷкәынцәа аиқәеи иаабац акьаҿ шкәакәеи ршәырҵоит. Школцыԥхьаӡа, рномер зну рхатәы емблема роуеит. Аҭаацәагьы ақәшаҳаҭуп, арҵаҩцәагьы ибзианы ирыдыркылеит, ҳаргьы еилаҳкаауеит иаку ашкол форма ахәыҷкәа аӡәи-аӡәи еихьымԥшуа, еиҵамшьыцуа, хәыҷык еиҟаранатәоит, иаҳа еиҿкаахоит", — лҳәеит Адлеиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0