Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар арҵу иаҵәа иазкны: аарҩара иахҟьаны амхқәа рахь еихеит

© Sputnik / Илона ХварцкияРоман Дбар
Роман Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амхыҭрақәа рҿы арҵу иаҵәақәа рхыԥхьаӡара арацәахара ишьақәгылаз аарҩара иахҟьеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы атәыла аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар.
Дбар арҵу иаҵәа иазкны: аарҩара иахҟьаны аԥсабара аҟнытә, амхқәа рахь еихеит

"Арҵу иаҵәа амармалташьтә пты анагәылҵуа икны иафоит, аԥарԥалыкьқәа уҳәа, изышьҭоу ахәаҷа-маҷа ауп. Ауаҩы, мамзаргьы аԥсабара иаԥырхагам, уи моу иахьхәырҭоугьы рацәоуп. Сынтәа иҟалаз аарҩара иахҟьаны аԥсабара аҟнытә, аџьықәреиҭрахьы еихеит. Аха аҳауатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахыр уи аԥсабарахь еиҭахынҳәуеит. Аџьықәреиҭрақәа зынӡаск пырхага рнаҭо иалагар, уихәышәтәыр ауп. Уажәазы амониторинг мҩаԥаагоит, иаарласны еилкаахоит арҵу иаҵәа ахы шымҩаԥнаго", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.  

Ажәабжьқәа зегьы
0