Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлыиа: Ҷлоуаа ианакәызаалак ақыҭа аус аҟны еидгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара "Иреиӷьу ақыҭа" - проект бзиоуп ҳәа ахиҳәааит арадио Sputnik аефир аҟны Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлыиа.

Аиндаҭлара "Иреиӷьу ақыҭа" мҩаԥгахоит ақыҭауаа асоциалтәи, акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара ралархәразы, ақыҭақәа рхаҿра аиӷьтәра иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара радԥхьаларазы. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа инапы зҵаиҩыз ақәҵара инақәыршәаны аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит ақыҭақәа зегьы. Аиндаҭлараҟны иалкаахоит архитектуратәи аԥсабаратәи баҟақәа рхылаԥшра ахьеиҿкаау, акультура, аспорт аганахь ала аихьӡарақәа ахьыҟоу, ақыҭа абзазара ауаа активла иахьалахәу, жәлар рнапҟазара ахьеиқәырхоу ақыҭа.

Сангәлыиа: Ҷлоуаа ианакәызаалак ақыҭа аус аҟны еидгылоит

"Иреиӷьу ақыҭа" — проект бзиоуп. Аицлабра бзиоуп, иахьа нас ҳҭагылазаашьа жәдыруеит ақыҭақәа рҿы, иара ақалақьқәа рҟынгьы зегь маншәалам. Есышықәса нас абиуџьет аҟны иарбоуп ақыҭаҟны арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара. Аха уа аҟәрышь ҳәа уамак акгьы ыҟам. Ақыҭа иқәынхо рымчалоуп есышықәса арыцқьаратә усурақәа шымҩаԥааго. Сынтәагьы иҳалшо ҟаҳҵоит.

Ҳауаажәлар ацқьара иашьҭоуп, сара сҳәарагьы аҭахым, досу иашҭа-игәара, икәша-мыкәша агәам ахыҵәаны ихы иаҭәеишьом. Ҳқыҭа актив агәаҳәара аадырԥшит аицлабра рхы алархәра. Ҷлоуаа ианакәызаалак аидгылара, аихаҵгылара аадырԥшуеит ақыҭа аус аҟны, уи азы ҳабзиоуп", — иҳәеит Сангәлыиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0