Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариаԥҳа: ҳшьапылымпыл асыҩцәеи Нигериатәи акомандеи реиԥылара ҳазыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Зантария
Жанна Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспорти абҩарҵәыреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны ари амзазы иазгәаҭоу аспорттә хҭысқәа дырзааҭгыло иалылкааит нанҳәа ааба рзы имҩаԥысраны иҟоу ашьапылымпылтә хәмарра.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Занҭариаԥҳа ашьапылымпылтә еиԥылара иазкны

"Уажәы зегь реиҳа ныҳәа дууны ҳаԥхьа ишьҭоу ашьапылымпылтә еиԥылароуп. Нигериа астудентцәа ркоманда Аԥсны еизгоу ашьапылымпылтә команда ирыцхәмарраны иҟоуп нанҳәа ааба рзы, асааҭ фба рзы ахәылбыҽха Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны. Ахәамрра ахәаԥшра хәыда-ԥсадоуп", — лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0