Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭарба: сроман дарбанзаалакгьы еилыикаауазар, сгәахтәы насыгӡеит ауп иаанаго

© Sputnik / Томас ТхайцукХайри Кутарба
Хайри Кутарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аԥсуаа реиҳагьы егьырҭ амилаҭкәа азҿлымҳара шарҭо. Уи ироман "Сыхдырҵәеит , сыхҵәараххеит" ахԥатәи ахәҭа "Асакараҿы дыҟазаргьы дыхьҭышьуеит ахҵәарах" захьӡу ааигәа иҭыҵит. Иахьа Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсуа милаҭтә библиотекаҟны аӡыргара мҩаԥысуеит.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Қәҭарба ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар ирызку ироман азы

"Иџьшьаны сызхәаԥшуа акәны иҟоуп аԥсуаа реиҳа егьырҭ амилаҭқәа аинтерес аарԥшны ароман иахьаԥхьуа. Аерман ԥҳәыск, ларгьы дышәҟәыҩҩуп, сроман данаԥхьа ус салҳәеит: "Ҳаргьы иаҳхаагеит ахҵәара, иаҳаҩҩуеит ароманқәа, иҭаҳхоит афильмқәа. Аха ҳара ҳахҵәара шәара шәтәы еиԥшым. Ҳара ҳхәыҷқәа ҳҟыуҵәыуа иҳааӡоит. Ароман санаԥхьа убас сазхәыцит, убри аамҭазы арыцҳарақәа рацәаны ирылагылаз аԥсуаа саргьы срыдгыландаз" ҳәа. Ари сара сзы иҳамҭоуп. Сроман иаԥхьо дарбан милаҭзаалакгьы сара исҳәар исҭахыз еилылкаауазар, сус ишысҭахыз иҟасҵеит ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Қәҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0