Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лакәатаа: Егры аҳәаа иахырго атауарқәа азакәан ԥшра рымамзар, ацәыӡқәа ҳауеит

© SputnikАхра Лаквитава
Ахра Лаквитава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҳазалхратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Ахра Лакәатаа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аҳәаа иахырго атауарқәа азакәан ԥшра рымамзар, аҳәынҭқарра ацәыӡқәа амазаауеит ҳәа.

"Ҩажәи хәба шықәса ҵуеит, ҳара иаҳҭахы-иаҳҭахым, ақәырҭцәеи ҳареи аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Гал иқәынхо рымацара ракәым, уахь зҭынхацәа нхо рацәаҩуп. Иҟоуп ачымазцәа уахь аҳәаа иахыҵны ианцо. Иҟоуп атауарқәа аазго махәҿыла. Абарҭ зегьы азакәан ԥшра аҳамҭар, иаҳцәыӡқәо рацәоуп, аҳазалхра аганахьала. Иахьа жәаҩык неидгыланы, зинла ирымоу 50 кьыла ахыргар, тонна бжак рҟынӡа аидара иарбан хкызаалак ҭынч иахганы иаауеит акгьы узраҳәаӡом. Знык-ҩынтә ажәалагала ҟаҳҵахьеит аиҳабыра рахь излауала азакәан ԥшра аҭаны иҟаларц. Араса жәашыкәсала ицон ҟәрышьк аланагаломызт. Иахьа ицәгьа-ибзиа акы аланагалоит, ахаҭа иҟамлеит, ахаҭабзиара цәгьахеит умҳәозар. Ирацәоуп ауадаҩрақәа, урҭ хәҭа-хәҭала иӡбалатәуп", — иҳәеит Лакәатаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0