Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Харџьелиаԥҳа еиҭалҳәеит аӡахҩы изанааҭ иацу акәамаҵамақәа ртәы

© Sputnik / Илона ХварцкияДиана Хорджелия
Диана Хорджелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аӡахырҭатә ҩны аҟны иаартын аҭеиразра бзиа избо рзы ашкол, уи раԥхьатәи аушьҭымҭа аӡахҩы Диана Харџьелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит лзанааҭ акәамаҵамақәа ртәы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Харџьелиа аӡахҩы изанааҭ иазкны

"Ашкол иалгаз рҟынтә иҟан аӡахырҭатә ҩнаҿы аус зуази, иара ус изҭахны иааизгьы. Ҩгәыԥкны иҟан аӡахыҩцәеи, аԥҟаҩцәеи ҳәа. Аԥышәа змаз аԥҟаҩцәа рахь ҳаргеит, ҿыц иааиз ракәзар, аӡахыҩцәа ргәыԥ ахь. Ари азанааҭ аҿы аԥҟарагьы цәгьоуп, аха аӡахрагьы мариам. Аԥҟаҩы игәаԥхартә еиԥш аӡахҩы иус ҟаиҵар ауп. Аԥҟаҩы ауаҩы диацәажәоит, иара игәазыҳәарақәа еиликаауеит, уи анаҩс игәы иахәаша амаҭәа иоурцаз. Амаҭәа аӡахразы аԥҟаҩыи аӡахҩиы аҭакԥхықәра еиҩыршоит. Жәаф шықәса анысхыҵуаз, ашкол сшаалгаз аӡахырҭатә ҩнахьы сааит, убри аахыс убра аус зуеит. Сзаанаҭ сықәманшәалоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", — ҳәа азгәалҭеит Харџьелиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0