Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниаԥҳа: аԥсуаа рмилатҭә культураҿы аԥстәқәа ркульт аҭыԥ ҷыда ааннакылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥстәқәа адунеизегьтәи рымш азгәарҭоит жьҭаара 4 рзы. Иарбан аԥстәқәоу аԥсуаа еиҳарак иалыркаауаз, иарбан ҭыԥу урҭ рыԥсҭазаараҿы иааннакылоз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аетнолог Цира Габниаԥҳа.

Амилаҭҭә ҭоурых иагәылаҵәаху: Габниаԥҳа аԥсуаа рҿы аԥстәқәа ркульт иазкны
"Хымԥада, аԥсуаа рҿы иҟоуп аԥстәқәа ркульт, зегьы реиҳа иалукаартә иҟоуп аҽыи алеи. Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, иара убас археологиатә ԥшаарақәа иаадырԥшуа аматериалқәа изларҳәо ала, аҽыи алеи  аԥсуа традициатә культураҿы культны иҟан. Аҭырҷҷара, ауарҳалқәа рыҟаҵараҿы, иубоит рсахьақәа шаҟа ирацәаны ахархәара амаз.  Нарҭаа ирызку амилатҭә епос аҿы, Сасрыҟәа данииз аҽны ициит ирашьгьы. Уи иаҳәоит акульт ашьатақәа шаҟа иҵаулоу атәы", — ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0