Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа: Хевелев дышәқәыԥшыз нахыс амузыка адунеи аҿы деицеидыруа дҟалахьан

© Sputnik / Томас ТхайцукИзольда Хагба
Изольда Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра азҭо ахеилак ахантәаҩы Изольда Ҳагԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит Аҟәа зконцерт мҩаԥысраны иҟоу акомпозитор Алексеи Хевелев адунеи аҿы зегьы деицеидыруа дшыҟалаз атәы.

Ҳагԥҳа: Хевелев дышәқәыԥшыз нахыс амузыка адунеи аҿы деицеидыруа дҟалахьан
"Алексеи дкомпозиторуп, дпианиступ. Фышықәса анихыҵуаз аахыс ихатә музыка иҩуеит. Усҟан ииҩыз иахьагьы амузыкалтә школқәа рҿы ахәыҷқәа ирабжьыргоит аҵаратә процесс аҿы. Насгьы жәшықәса анихыҵуаз Асовет ҳәынҭқарра акомпозиторцәа рхеилак имузыка анраҳа, иҭрыжьит иара ихатәы винилтә пластинка. Иара еиуеиԥшым афестивальқәа дрылахәхеит, аԥхьахәқәагьы ианаршьахьеит. Ростропович ихьӡ зху астипендиа даԥсахахьеит. Иахьазы, Алексеи Хевелев Урыстәыла акомпозиторцәа реидгыла далахәылоуп", — ҳәа азгәалтеит Ҳагԥҳа. 

Жьҭаара 15 рзы, Аҟәа, аҳәынҭқарратә филармониаҿы, акомпозитор, апианино арҳәаҩы Алексеи Хевелев имҩаԥигоит агәыҳалалратә концерт.  Уи аҿкааҩыс иамоуп акультуратә гәыҳалалратә фонд "Ашана". Аконцерт аҿы иара убас иқәгылоит Аҳәынҭқарратә хортә капелла, ашәаҳәаҩ Мадина Кәарацхьелиаԥҳа. Аконцерт абилеҭқәа рыҭира ала ирҳахо аԥара зегьы агәыҳалаларатә фонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рыцхыраарахь ишьҭхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0