Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дамениа еиҭеиҳәеит аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара ахықәкы атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Дамения
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу астретегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik Аԥсны астудиа аҟны игәалаиршәеит 1992 шықәса, жьҭаара 7, 8 рзы Лыхны имҩаԥысуаз Адунеи жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Дамениа аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара иазкны
"Аибашьра аамҭазы иаҭаххеит ҳажәлар реиҿкаара, арратә, аибашьратә ԥҟаррақәа ирыҵыркуа аԥҟаррақәа рыла ажәлар еиҿкаатәын. Иааны еибашьуаз ауаа ирҭахын ацхыраара: бџьарла, фатәыла, жәтәыла, маҭәала. Уи ҳара ҳхала иҳалшомызт. Ҳәарада, иҟан ацхыраара ҳазҭаша ауаа, абазақәа, еиуеиԥшым аиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа рҟнытә. Аха доусы ихахьы иигаша еиҿкаатәын, аус аҭыԥ иқәҵатәын. Убри азы имҩаԥган аконгрессгьы. Хымԥада, аконгресс усҟантәи ахықәкы нагӡан. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҟнытә иҟалеит аԥара аазгоз, амаҭәа зылшаз, афатәгьы ҟалеит. Иааизакны ицоз аусқәа зегьы ажәлар алархәтәын, уи алыршахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Дамениа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0