Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа лдипломтә усумҭазы: сҭаацәа ирбеит, аха акгьы рызҳәом

© Фото : Facebook/Аманда КварацхелияАманда Кварацхелия
Аманда Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актриса Аманда Кәарцхьиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит лдипломтә спектакль зызку, иалылхыз азанааҭ лҭаацәа шазыҟоу.

"Аӡӷабцәа зегьы хаҵа ицар рҭахуп, аха аҷкәынцәа маҷуп, аимак-аиҿакқәа рацәоуп. Сҭаацәа ақәыргыламҭа рбахьеит,  аха иахырҳәаарызеи, ус еиԥш иҟоу азанааҭ алысхит. Сара зроль насыгӡо далихуам афырхаҵа, сгәы иалоуп, аха иҟасҵарызеи Карло Гольдони ус ианыиҵеит. Аспектакль арежиссиорс дамоуп Александр Коручеков. Даара аҟазара злоу уаҩуп, Москва аспектакльқәа рацәаны иқәиргылахьеит. Даара дҳацхраауеит. Уи аԥхьа Аԥсны ҳанықәгылоз ибзианы ҳрыдыркылеит, уажәгьы ус иҟалап ҳәа сгәыӷуеит", — лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарцхьаиԥҳа лдипломтә спектакль иазкны

Аманда Кәарцхьиаԥҳа ақәыргыламҭа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" аҟны Кекка лроль налыгӡоит. Аспектакль дырбахоит Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы абҵара 8-9 рзы.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0