Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ладариа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араионаҿ аҽаҩра ишазыԥшыз еиԥш изырмоуа

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ладария
Руслан Ладария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладараи арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы сынтәа аарыхра зеиԥшрахаз.

Ладариа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араионаҿ аҽаҩра ишазыԥшыз еиԥш изырмоуа
"Гәдоуҭа араионаҿ иаадрыхуа акультурақәа рахь иаҵанакуеит ачаи, аџьықәреи, ажь, еиуеиԥшым ашәырхкқәа. Иҳалнагалаз апты аԥхасҭа ҟанаҵеит. Аҳәынҭқарра иаҳнаҭаз ахәшәқәа ҳхы иархәаны иаҳхәышәтәит аха зегь акоуп ԥырхага ҳнаҭеит. Амш бзиақәа рхы иархәаны анхацәа аџьықәреи аҭагалара иаҿуп. Ианалгалак, иааидкылан адырра ҳауеит шаҟа аҽаҩра ҟалаз, аха уажәгьы иаабоит апты амшала, ҳзықәгәыӷуаз шаҳмоуа. Ҳраион аҿы анхацәа ирымоуп ацитрустә шәырқәагьы, амандарин, апаҭырқал, алимон. Сынтәа аамҭа азеиӷьхеит урҭ ашәырхкқәа, аҽаҩрагьы беиоуп, ахаҭабзиарагьы ҳаракуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ладариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0