Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гарри Саманба: ауаа рыфатә ҟазҵо мацара ракәым, рымаҵ зуа гәаҳҭалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук«Такие обстоятельства»: Саманба о домашней продукции
«Такие обстоятельства»: Саманба о домашней продукции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаа рыфатә ҟазҵо, урҭ рымаҵ зуа ргәаҭароуп хықәкыс иҳамоу, ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба.
Саманба: ҳгәаҭарақәа аӡәгьы дзацәцаӡом

"Аилагарақәа зҿы иаарԥшхаз зегьы ахараԥса дыршәахоит, аусӡбарҭахь ишьҭхоит, апрокуратурахьгьы идәықәаҳҵар ҳалшоит. Уажәааигәа Тҟәарчал ҳаҟан, игәаҳҭеит ахәыҷбаҳчақәа аус шыруа. Иҟоуп аилагаракәа, ахәыҷқәа рыфатә ииашамкәа ишьақәгылоуп. Актқәа ҟаҳҵеит, ҳрацәажәеит, ргәырҽанаҳҵеит, ари аӡәгьы дзацәцаӡом. Ауаа рыфатә ҟазҵо мацара ракәым, ауаа рымаҵ зуагьы гәаҳҭалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба. 

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0