Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: зҽызшьыз ауаҩы изы аҭаацәа реиԥш агәылацәагьы аҭакԥхықәра рыдан

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аетнолог Арда Ашәба адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иҳәеит ажәытәан аҽшьра хьымӡӷ дуун аиашьараҟны еиԥш аҳабла аҟынгьы ҳәа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ашәба аҽшьра иазкны

"Ауаҩы аҽшьра аҟынӡа ихы неимгарц азы ахылаԥшра иҭахуп. Аԥсуаа ҳҟны уаҩы дыԥсаанӡа акәӡам, иԥсра ашьҭахьгьы ихьӡ бзианы ирҳәаратәы дазхәыцуан. "Аԥсышьа бзиа сыҭ" ҳәа Анцәа иҳәоит. Зыԥсҭазаара знапала изыркьаҿыз амыткәымагьы изырҳәомызт. Ауаҩы игәала, ихьаа иҩызак, иқәлак иҟны имҳәозар, деилызкаауа уаҩ дыҟам ҳәа иԥхьаӡозар- ишәарҭоуп. Аха ихьаа, игәырҩа ицәыхьанҭаны даныҟоу, аиааишьа данақәымшәо иҩызак иеиҳәар, иаразнак арҽеира иалагатәуп. Маҷк зҽынкыланы иҟаз, џьара еизарак, еицәажәарак зхы алазмырхәоз ажәытәгьы идҵаалон, изнеишьақәа рыԥшаауан. Ашәарҭа ыҟан, ус еиԥш аԥсҭазааратә ԥышәа иахысхьан. Аиашьараҟны, аҳаблаҟны ус еиԥш ак ҟалазҭгьы ихьымӡӷ дуун. Инеины ирацәажәон, акы рзымдыруа иҟам ҳәа. Уи ауаҩ иҽишьыртә дҭазыргылаз дара ирыхгам ҳәа рарҳәон, аҭакԥхықәра рыдан игәылацәагьы, иҭаацәа реиԥш", — иҳәеит Ашәба.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0