Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чуаз Нальчик имҩаԥысуаз аицлабра иазкны: аԥсуа студентцәа ҳгәы ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлик Чуаз
Алик Чуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәареи акәашареи афольклортә ансамбль "Кьараз" Нальчик имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконкурс "Созвездие дружбы" аҿы Гран-при ранашьахеит, абри атәы иҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чуаз аицлабра "Созвездие дружбы" иазкны

"Нальчик имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконкурс "Созвездие дружбы" аҟны иқәгылоз рацәаҩын — 67 коллектив рҟынӡа иҟан. Ҳгәыԥ аҿы иҟоуп зықәрахь инеихьоугьы, аҿарацәеи. Ашәаҳәаҩцәа ракәзар, дыҟоуп Леонид Анқәаб 82 шықәса ихыҵуеит, егьырҭгьы рықәра маҷым. Аԥхьа аицлабраҿы идҳарбеит иазыҟаҵан иҳамаз аномерқәа, анаҩс агала-концерт аҿы, аконкурс аиҿкааҩцәа аҳәара ҟарҵеит урҭ еиҭадҳарбарц. Ирацәаҩын аԥсуа студентцәа, дара абираҟ кны адгылара бзиа ҳарҭеит, уи даара ҳгәы иаахәеит. Ҩномерк дҳарбеит: "Аҭацааагара кәашареи", "Бара быда дыҟаӡам" ашәеи", — ҳәа иҳәеит Чуаз.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0