Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хорааԥҳа: апсихолог ахәыҷыи аҭаацәеи рыбжьара дымҩақәҵаҩуп

© Фото : Алиса Хораваапсихолог Алиса Хорааԥҳа
апсихолог Алиса Хорааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 20 рзы Адунеи аҿы иазгәарҭоит ахәыҷы имш. Ҳаамҭазы ахәыҷы иааӡараҿы хшыҩзышьҭра зҭатәу, насгьы аҭаацәеи ахәыҷыи реимадараҿы ауадаҩрақәа зцәырҵуа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит апсихолог Алиса Хорааԥҳа.
Хорааԥҳа: апсихолог ахәыҷыи аҭаацәеи рыбжьара дымҩақәҵаҩуп

"Иахьатәии жәохә шықәса раԥхьа иҟаз ахәыҷыи еиҿҳарԥшуазар, адунеихәаԥшышьалеи, рҿиаралеи, аинформациала реибыҭаралеи еиԥшӡам, аҽаԥсахуеит, убри аҟнытә ахәыҷқәагьы рҽеиҭаркуеит. Убри азы аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыбжьара аилыбамкаарагьы ҟалоит. Убри аамҭазы апсихолог идҵаалоит. Иахьа апсихолог дидҵаалар алшоит аҭаацәараҿы ауадаҩра змоу. Апсихологиа иамоуп ирацәаны аметодикақәа иузырбо ахәыҷқәеи аҭаацәеи реизыҟазаашьа. Апсихолог илшоит аҭаацәа рыцхраара, уи имҩақәиҵоит, дрыбжьаҟазаҩуп уҳәар алшоит", - ҳәа азгәалҭеит Хорааԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0