Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Керчтәи аӡыбжьахаҿы аҭагылазаашьа иазкны: атәылақәа еичзырчо ахҭысқәа рацәахоит

© Фото : из личного архива Беслана ХагбаБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Амшын Еиқәеи Азовтәии рӡымҽхак аҟны Украина арратә мшын ӷбақәа Урыстәыла аҳәаа реилагара мзызс иамоу атәы.
Ҳагба Керчтәи аӡыбжьахаҿы аҭагылазаашьа иазкны: атәылақәа еичзырчо ахҭысқәа рацәахоит

"Украинеи Урыстәылеи реиҿагылара ахҭысқәа зегьы, иаадыруазароуп, ааигәа аҭышәынтәалара шамаиуа. Уи ишацлало, аичырчара ахҭысқәа еиҭа ишыҟалало. Ари Азовтәии Амшын Еиқәаҿы иҟалаз ахҭысқәа амзызқәа ҩба амоуп. Раԥхьа иргыланы, ԥхынҷкәын мзазы ООН Ассамблеиаҿы Украина, Урыстәыла Азовтәии Амшын Еиқәаҿыи имҩаԥнаго амилитаризациа ҳәа ахьӡҵаны рхатә зҵаара аӡыӡбаразы. Уи ауп аичырчарагьы забжьаргазгьы. Аҩбатәи азҵаара - Украина имҩаԥысран иҟоуп алхрақәа. Украина ахада Порошенко даҵахо далагеит, убри аҟнытә џьара аичырчара азыӡбаны абыжьқәа иоурц иҭахуп. Амҽхак аҽарҭбаауеит аанкылашьа амаиур. Араҟа аҳәынҭқарра дуқәа реицәажәарала аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларахь ииагатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба. 

Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иаанацҳаит Украина арратә мшын ӷбақәа Урыстәыла аҳәаа шеиларгаз атәы. Дара ирыҭаз агәҽанызаара хырҩа анарымҭа ашьҭахь аӷбақәа аанкылан.

Украина амилаҭтә шәарҭадара ахеилак иаднакылеит ақәҵара аҳәынҭқарраҿы арратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы. Ари ақәҵара шьақәдырӷәӷәараны иҟоуп изаамҭанытәиим Украинатәи Рада аилатәараҿы. 

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0