Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамба еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Ааԥсҭа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

© Foto / предоставлено Роником ШамбаАбгархықә ақыҭа ахада Роник Шамба
Абгархықә ақыҭа ахада Роник Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абгархықә ақыҭа ахада Роник Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абҵара 29 аҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны аӡиас Ааԥсҭа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.
Шамба: сынтәа Ааԥсҭа аҽшарцәгьаз еиԥш иҳамбеижьҭеи акрааҵуеит

"30 шықәса ҵуеит Абгархықә абас еиԥш Ааԥсҭа хыҵны иҳамбеижьҭеи. Ақыҭа Аацы иахьаду цәгьала аԥхасҭа рацәаны иҟанаҵеит. Уи аԥхьа ианхыҵ амхқәа агеит, аҩнқәа ирзааигәахеит, зыҩнаҭа иҩналазгьы дубап. Уажәы ҩымш ақәа илеиуаз иахҟьаны афымцатә шьаҟақәа аӡы иагеит. Афымца аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа уи аҽны ихацыркын, аха макьана ихыркәшам", - ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0