Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа "Иқьиоу ашәахьа" азы: ауаа иргәаланршәоит рыцхыраара шаҭаху

Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит акциа "Иқьиоу ашәахьа" ахықәкы.
Џьынџьалԥҳа "Иқьиоу ашәахьа" азы: ауаа иргәаланаршәоит рыцхыраара шаҭаху

"Ари акциа аԥшьган ҵыԥх ԥхынҷкәынмзазы. Хықәкыс иамоуп ауаа иаҳа агәыразра аадырԥшырц. Ҵыԥхгьы даара азҿлымҳара аиуит. Ҳара аӡын ес-шәахьа қьиоуп ҳәа шаҳԥхьаӡо, ус егьырҭгьы ирԥхьаӡар ҟалоит ҳәа рылаҳҳәеит. Еиуеиԥшым ахеилакқәа роума, егьыс ауаа агәыразратә усқәа рыла ари акциа рхы аладырхәуеит ишрылшо, зегьы еиднакылоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Лара иазгәалҭеит ас еиԥш ауснагӡатәқәа ауаа  иргәаланаршәоит ацхыраара зҭатәу рганахь агәыразра аарԥшра шаҭаху ҳәа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0