Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маланиаԥҳа Петербургтәи аҿартә форум азы: аизыҟазаашьа бзиақәа арҿиоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу адипломатцәа аҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу адипломатцәа аҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу адипломатцәа аҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аҿартә форум ишалахәыз.
Маланиаԥҳа Петербургтәи аҿартә форум азы: аизыҟазаашьа бзиақәа арҿиоит

"Афорум зықьҩык инареиҳаны аделегатцәа алахәын Урыстәыла аҳәаақәа рҟынтәи еиԥш атәым ҳәынҭқаррақәа ҩажәа инарзынаԥшуа рхаҭарнакцәагьы. Иара убас ааԥхьара рыман шәҩык инареиҳаны аекспертцәа. Уажәшьҭа фынтәны имҩаԥырго афорум  лозунгс иаман "Арҿиаратә дгьылҵакыра". Сара сзы аҵара аганахьала мацара арҿиара акәӡам иаанаго аҳәынҭқаррақәа ганрацәалатәи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵанакуеит. Амедиа инаркны аспорт аҟынӡа асекциақәа ыҟан. Афорум Аԥснынтәи иалахәыз иалҳхит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа. Уаҟа адунеи аҿы иглобалтәу азҵаарақәа ирылацәажәон. Аофициалтә хәҭа анаҩс иҟан акультуратә программагьы, аделегатцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ҳаицәажәартә алшара ҳаман. Ҳатрадициақәа даара ирызҿлымҳан егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аделегатцәа", - лҳәеит Маланиаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0