Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Басариа иҳәеит фымцалашарала ауаа реиқәыршәараз аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Фото : предоставлено "Черноморэнерго" Генеральный директор "Черноморэнерго" Аслан Басария
Генеральный директор Черноморэнерго Аслан Басария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцач" адиректор хада Аслан Басариа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба изеиҭеиҳәеит аӡынразы ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара ишазыҟаҵоу.
Басариа иҳәеит фымцалашарала ауаа реиқәыршәараз аҭагылазаашьа зеиԥшроу

"Аҭагылазаашьа, хымԥада,  иуадаҩуп, аха ахылаԥшра амоуп, избанзар даара ирацәаны аусурақәа мҩаԥаагахьеит. Аҵыхәтәантәи жәамз имҩаԥаагаз аусурақәа аҭагылазаашьа шыҟаз аасҭа иаҳа идырманшәалеит ҳҳәар ауеит. Аха уеизгьы азҵаарақәа даара ирацәоуп. Еиԥмырҟьаӡакәа афымцалашара зегьы ирымазаауеит ҳәа ҳҳәартә  иҳалшом, аӡын аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳаздыруам. Аха иҟоу зегьы аҿаҳамклар, афымцалашара хәыҷык ҳаиҷаҳаны ишахәҭоу ҳазнеир, аҭагылазаашьа иаҳа иманшәалахоит. Егрытәи афымцеихшарҭа атәы ҳҳәозар, уи аганахьалагьы азҵаара цәырҵуеит аӡы ҳазхо иаҳзымхо ҳәа. Уи амш иаҳнарбоит. Абри аганахьала аҳәара ҟаҳҵоит анапхгара шәахь  аҭагылазаашьа уадаҩхар, Урыстәылеи шәареи шәеимадара аҩныҵаҟа ҵыԥх  иҳамаз асистема, аурыс специалистцәеи ҳареи ҳусеицура алыршахарц", - иҳәеит Басариа. 

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Аҩаша, ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0