Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смырԥҳа: ҳуниверситет аҿы иҟоу азанааҭқәа рзы анҭыҵ аасҭа аҩны аҵараиура еиӷьуп

© Sputnik Розета Смыр
Розета Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агро-анџьныртә факультет адекан Розета Смырԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аушьҭымҭацәа иаку рымш ҳәа "Россотрудничество" имҩаԥнагаз ауснагӡатә хықәкыс иамоу.
Смырԥҳа: ҳуниверситет аҿы иҟоу азанааҭқәа рзы анҭыҵ аасҭа аҩны аҵара аиура еиӷьуп

"Аусмҩаԥгатә хықәкыс иаман аушьҭымҭацәа Аԥсныи Урыстәылеи иреиҳаӡоу рҵараиурҭақәа рыпрограммақәа рыларҵәара, иара убасгьы аҵара аҭаларазы иҟоу аҭагылазаашьақәа реилыркаара. Иус бзиоуп, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳуниверситет аҟны иҟам азанааҭқәа рзы "Россотрудничество" ацхыраара ахьыҟанаҵо. Аиԥыларақәа рҟны ҳрылацәажәеит ҳуниверситет алшарақәагьы. Афакультетқәа ааба ҳамоуп, урҭ рҟны адырра бзиақәа змоу арҵаҩцәа аус руеит. Ахәыҷқәа анҭыҵ ицаны, иҳамоу азанааҭқәа рыла аҵара рҵар аасҭа еиӷьуп ҳәа сыԥхьаӡоит ҳуниверситет алырхыр", — лҳәеит Смырԥҳа.

Аицәажәара иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0