Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа: амшынаҿ аԥсыӡ нҵәартә еиԥш Аԥсны аилагарақәа ыҟоуп ҳәа сзақәшаҳаҭхом

© Sputnik Сенер Гогуа
Сенер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абизнесуаҩ Сенер Гогәуа арадио Sputnik аҟны иҳәеит сынтәа акамшьиа акра ианалаго, уи зыдҳәалоу, иара убас сынтәа шаҟа уи аԥсыӡ хкы Аԥсны иркыр алшо азы игәаанагара.

"Аԥсыӡкра иашыкьымҭаны иҟаӡам иахьазы. Еиҳарак акамшьиа ҳамшын иахьаҵанакуа иаҳбо иалагоит ҳазҭоу амза аҩбатәи азбжазы. Аха уигьы есышықәса еиԥшым, амшынӡы ахьшәашәареи аԥхарреи зеиԥшроу  ала. Иҳамоу адыррақәа рыла, макьаназы Ҭырқәтәыла зынӡа имаҷуп, ақырҭқәа рҟны акәзар-  иҟам ҳәа ауп ишаҳдыруа.  Уахь иҟамкәа ҳара ҳахь иаазҭгьы ҳекономика азы ибзиан, аха ус иалҵуам ҳәа агәаанара сымоуп. Аквотақәа ракәзар, урҭ аҳәынҭқарра иаҳзоунажьуеит, аԥсыӡ шаҟа ыҟоу ҳасаб азуны", — иҳәеит Гогәуа.

Гогәуа: амшын аҟны аԥсыӡ нҵәартә еиԥш Аԥсны аилагарақәа аҭыԥ рымоуп ҳәа сзақәшаҳаҭхом

Иара дақәшаҳаҭымхеит агәаанагара: аԥсыӡ амаҷра зыхҟьо — Ҭырқәтәылантәи изкуа аӷбақәа аԥҟарақәа ахьеиларго ауп ҳәа.

"Аԥсны иаҳкуа аԥсыӡ иаҳа ианырацәоу 40-50 нызқь тонна акәзааит, Ҭырқәтәыла иахьазы 300 нызқь тонна ркуеит, Қырҭтәыла аофициалла 100 нызқь. Егьырахь ауадаҩра ыҟаӡам, ҳара ҳаӡбахә рҳәеит. Аԥсны иркуа аԥсыӡ хылаԥшра арҭоит ақыҭанҳамҩа аминистрра, аекологиатә еилакы ахаҭарнакцәа. Зынӡа еилагара маҷк зыҟалом ҳәа сызҳәом, аха Аԥснытәи Амшын Еиқәа аҟны аԥсыӡ нҵәартә еиԥш аҭырқәцәа аилагарақәа ҟарҵоит ҳәа аҳәара иашаны исыԥхьӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.

Инеиҵыху аиҟәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0