Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа акциа "Уҵаа Бабадуха!" азы: адунеи аҟны абзиара шыҟоу унарбоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа
Агәыҳалалратә фонд Ашана аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аҟны илҳәеит Ашықәс Ҿыц аныҳәазы ахәыҷ чымазаҩцәа рзы еиҿыркаауа ауснагӡатә "Уҵаа Бабадуха!" иззырхоу реиԥш афонд аусзуҩцәагьы шазыԥшу.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьынџьалԥҳа ахәыҷ ҷымазаҩцәа рзы Ашықәс Ҿыцтәи акциа атәы

"Уажәы иаамҭоуп зегь раасҭа бзиа иаҳбо Ашықәс Ҿыцтәи акциа "Уҵаа Бабадуха!". Ҳара Ашықәс Ҿыц мызкы шыбжьоу ацхыраара заҳҭо ахәыҷқәа аҭел ҳарзасуеит, еилаҳкаауеит иарбан ҳамҭоу ирҭаху. Аҳәыҷқәа иаарышьҭуеит авидео ааԥхьарақәа мамзаргьы асалам шәҟәқәа Аҵаа Бабаду иахь. Урҭ ҳсоциалтә даҟьақәа рҟны иаҳкьыԥхьуеит. Избо ауаа ақәҿырҭуеит. Аҳамҭа аазхәаз досу ихаҭа дцаны ахәыҷы ииҭартә алшара иоуеит, мамзар афонд "Ашана" аҟны аус зуа аныҳәа аламҭалазы Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рымаҭәа ҳашәҵаны ирзаҳшоит. Иазгәасҭар сҭахуп ари акциа ҳаргьы ҳшазыԥшу, избаназар ахәыҷ чымазаҩ адунеи аҟны абзиара шыҟоу инарбоит, ирччара иргәырӷьара алнаршоит. Мышкы асоциалтә даҟақәа рҟны акы-ҩба асалам шәҟәқәа ҭаҳгалоит. Аамҭа рацәа мгакәа ақәҿызҭуа ахьыҟоу агәахәареи амчи  ҳнаҭоит аусуразы", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0