Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арухаа Нальчик рықәгыларазы: иреиҳау хәшьароуп ршьапы иқәгыланы рнапы анузеинырҟьо

© SputnikДенис Арухаа
Денис Арухаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аҳәынҭқарратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа Sputnik аефир аҿы иҳәеит Нальчик рықәгылара шымҩаԥысыз.

Ԥхынҷкәын 7-8 рзы Нальчик имҩаԥысит жәлар рмузыка азы Нхыҵ Кавказ иаарту афестиваль-еицлабра. Уахь исасцәаны ааԥхьара рыҭан Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аҳәынҭқарратә аоркестр. Аԥсуа аоркестр аицлабрақәа рнаҩс иқәгылеит.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Арухаа Нальчик рықәгылара иазкны
"Ас еиԥш иҟоу аконцертқәа мҩаԥаагалароуп Ҟабарда анаҩс  Нхыҵ-Кавказ егьырҭ ареспубликақәа рҟынгьы. Ҳара ҳоркестр макьана ауаа ирыздырӡом, ҩышықәса роуп иаҳхыҵуа. Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыла иқәгылоит ҳәа анраҳауа, уамак азҿлымҳара зуҭаша акәым ҳәа агәаанагара рызцәырҵоит ахаԥшцәа реидкыларагьы хәыҷык иуадаҩуп. Аха  ҳконцерт ахь инеиз, ҳақәгылара ахәшьара бзиа арҭеит ҳәа  сгәы иаанагоит. Ҳара артистцәа ҳзы иреиҳау хәшьароуп ршьапы иқәгыланы рнапы анҳзеинырҟьо", —иҳәеит Арухаа.

Аицәажәара иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0