Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа "Аиааиразы" амедал азы: иҭахаз рахьтә аӡә дыбжьамхарц ишәаны-изаны иазнеиуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Кварчия
Эдуард Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион арратә комиссар Едуард Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Аиааиразы" амедал аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз аҵеицәа рҭаацәеи аибашьра иалахәызи рыҭара аус акыр ишәаны-изаны иазнеиуеит ҳәа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷиа "Аиааиразы" амедал иазкны
"Аминистр идҵа инақәыршәаны, иҭахаз, нас иахьҭахаз аҭыԥ ажурнал аҟны иаҳзануп, иҭахаз дыбжьахар аасҭа зынӡа иҟаумҵар еиӷьуп, зегьы шәаны-изаны ауп ари аус ишазнеиуа. Тҟәарчал игылоу амемориал аҟны иану зегьы рыхьӡала аҳамҭақәа рҭаацәа ирыҭамызт, избанзар уаҟа иануп ақалақь ахьчараз иҭахаз, аха уа инымхоз. Аҳамҭақәа роуит Тҟәарчал иҭаҩҩу. Ари аус иаразнак ихыркәшахаӡом, иҟоуп аҳамҭакәа рзы аҟәша аҳәынҭқарра ахада иҟны, ҳаргьы иҳалшо ала рыцхраара ҳазхиоуп, "Аиааиразы" амедал — ҳәынҭқарратә ҳамҭоуп. Зегь раԥхьа иргыланы аибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала аҳамаҭақәа аҭаацәа ирызшахоит, анаҩс иахьа уажәраанӡа иааихьоу аибашьра аветеранцәа зегьы ироуеит",  — иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа "Аиааиразы" амедалқәа рнапаҟны ириҭеит Тҟәарчал ақалақь аҟны ԥхынҷкәын 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0