Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа: ҳтәылахь аҳәачымазара ааира ҳазыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАнжела Арчелия
Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аҿкы чымазарақәа рзы Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиатә ҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа.
Арҷелиаԥҳа: ҳтәылахь аҳәачымазара ааира ҳазыԥшуп

"Сынтәа ауаа имаҷымкәа агрипп чымазаразы алаҵа ҟарҵеит, убри аҟнытә аҿкы чымазарақәа зыхьны ахәышәтәырҭахь иааиз рхыԥхьаӡара рацәам. Қарҭ аҳәачымазара захьыз рацәоуп ҳәа адырра ҳамоуп, Аԥсны макьана ичмазаҩхаз ҳәа аӡәгьы дыҟам. Агәабзиарахьчара аминистррахь адырра ҟаҳҵеит иаҭаху ахәшәқәа рыла ҳаиқәдыршәарцаз. Аҳәаа иаԥну атәылақәа рҿы аҳәачымазара ахҭысқәа аныҟала, ҳаргьы ҳҽазыҟаҳҵароуп", - ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0