Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба асертификациа змам аҭыԥантәи аалыҵ азы: анаплакҩы деиҵаҳархарц ҳгәы иҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан аҭыԥантәи аалыҵқәоу ахаҭабзиаразы асертификат зҭаху, насгьы ишԥамҩаԥысуа аҩны аҩныҵҟа зхатә ус иаҿу анаплак маҷқәа ргәаҭара - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба.
"Хра злоу ахҭысқәа": Саманба асертификациа змам аҭыԥантәи аалыҵ иазкны

"Анхаҩы иаарыхны аџьырмыкьаҿы инаганы ииҭиуа агәаҭара ҳгәы иҭам. Уи гәазҭо хазуп. Уи азы асертификат аҭахӡам. Иахьазы ирацәаҩуп аҩны аҩныҵҟа зхатә ус змоу. Урҭ рахьынтә иҟоуп иишамкәа атехнологиа зхы иазырхәо. Убри аҟнытә адәқьанқәа рҿы иахьнарго ашәҟәқәа ҳҩит аалыҵ асертификат ацымкәа адкылара иашам ҳәа. Зыӡбахә ҳамоу афатә ауп, аполуфабрикат ҳәа изышьҭоу. Ари ауаа ргәабзиара ахьчаразы ауп изыҟаҳҵоу, уи уадаҩрак ахылҿиаап ҳәа сыҟам. Ҳарҭ анаплакҩы деиҵаҳархарц ҳгәы иҭам, акомиссиа агәаҭарақәа анымҩаԥнагалак ашьҭахь асертификат рнапаҟны ирыҭахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0