Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыбаз еиҭеиҳәеит аӡынра аботаникатә баҳчаҿы аҵиаақәа рыхьчара шеиҿкаау

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәыбаз арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аӡын аамҭазы аҵиаақәа рыхьчара шеиҿкаау, убасгьы аҵиаақәа рааӡарҭа аҟамзаара уадаҩра дуны ишыҟоу.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәыбаз аботаникатә баҳча иазкны

"Аботаникатә баҳчаҟны хә-нызқь хкы рҟынӡа аҵиаақәа ирызҳауеит. Ахьҭа ззымчҳауа рыхьчара ҳҽазыҟаҳҵоит ахьшәашәарақәа аиаанӡа. Атропикатә ҵиаақәа абҵарамза инаркны аԥхара ахьыҟоу ииаҳгоит саркьала икәаршоу ахыбрахь. Уаҟа афымцалашара еиԥҟьаргьы, амца еиқәҵаны иаҳмыхьчар ада ус ҳамамкәа еиҿкаауп. Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыбжьара аҵиаа хкы ҿыцқәа хышә рҟынӡа аботаникатә баҳчахь ииагахьеит, уи маҷӡам", - иҳәеит Гәыбаз.

Аҵарауаҩ убасгьы иҳәеит агәыӷра шимоу аҵиаақәа рааӡарҭа роуп ҳәа.

"Азҵаара ықәҳаргылоижьҭеи акыр ҵуеит, аилибакаарагьы ыҟоуп. Аҳәынҭқарра амамзаара ҳбоит, аха уажәшьҭа анапхгарагьы ирбоит уи ҟаҳамҵар шамуа. Анҭыҵынтәи иааргоит аҵиаақәа, ишәдыруеит еиуеиԥшым ачымазарақәа шцәырҵыз. Аҵиаақәа рааӡарҭа  аҟамзаара рыцхара дууп, уаҳа чҳара амаӡам, иҟаҵатәуп. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи аботаникатә баҳчаҿы  иаҳҭаауа аҵарауаа иҳазраҳәом ааӡарҭа шҳамам", - иҳәеит Гәыбаз.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара  шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0