Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачибаиаԥҳа Ҟәбина имҩаԥысуаз аицлабра ралахәра атәы: Гран-при ҳақәгәыӷуамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭанда Чачибаиаԥҳа
Асҭанда Чачибаиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 12 Краснодар имҩаԥысуаз актәи жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Сияние Кубани" аҿы аԥснытәи акәашаратә ансамбль "Ашара" Гран-при иаԥсахеит, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Асҭанда Чачибаиаԥҳа.
Чачибаиаԥҳа Ҟәбина имҩаԥысуаз аицлабра ралахәра атәы: гран-при ҳақәгәыӷуамызт

"Ҳшәеит аиашазы, асҟак ансамбльқәа рхы ахьаладырхәуаз ари афестиваль. Ҳәарада, аиааира ҳҭахын, аха ҳақәгәыӷуамызт. Аколлективқәа зегьы ӷәӷәан, аха "Жәлар рыкәашараҿы" Гран-при иаԥсахаз ҳара ҳауп. Акәашаратә ансамбль аԥҵоижьҭеи 15 шықәса ҵуеит, аха "Ашара" ҳәа ахьӡҵаны иҳамоижьҭеи - 10 шықәса роуп. Аиҵбыратә гәыԥ аҿы иахьа 30-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп, аиҳабыратә аҿы 45-ҩык. Ҳаушьҭымҭацәа рҟынтә иҟоуп Аҟәатәи аҵара лашаратә аҵараиурҭа иҭоу, иҟоуп аҳәынҭқарратә ансамбльқәа рҿы аус зуагьы", - ҳәа азгәалҭеит Чачибаиаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0