Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: алхрақәа рҟны ахылаԥшратә системақәа ралагалара аус иахәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа. Иаҭахума алхратә система аԥсахрақәа ралагалара? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Аԥсны ахада иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа. 
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниа Аԥсны алхратә система иазкны

"Еиуеиԥшым ахылаԥшратә системақәа ралагалара цәгьам ҳәа сахәаԥшуеит. Иахьатәи аамҭаз адепутатцәа - азакәанԥҵаҩцәа ирымоуп азин рхатә лагалақәа рыҟаҵара. Аамҭа зегьы унарбоит, агхақәагьы ԥышәоуп. Акандидатцәа рҟнытә иҟам ашшыбӷьыцқәа алхаратә система аганахьала, аԥынгылақәа ыҟазҭгьы ирыҩуан иаразнак. Саргьы гәаанагарақәак сымоуп иалагалатәу ҳәа, иаҳҳәап, атәыла ахада иалхра азакәан иадҳәалоуп адепутатцәа ралхра азакәан. Сгәы иаангоит, адепутат иахь иҟоу азҵаарақәа, атәыла ахада иалхрахь ицо иахьгьы иҟаҵатәуп ҳәа", - азгәеиҭеит Габниа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0